World News in Abkhazian
Ноябрь
2018

Новости за 01.11.2018

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Кәарҷиа: акәац зфо ауаҩы дрыцҳасшьоит

Абҵара 1, аԥстәы аалыҵ зымфо, даҽакала авеганцәа ҳәа изышьҭоу ирымшны иԥхьаӡоуп. Арадио Sputnik Аԥсны астудиа дсасны даҭан 35 шықәса акәац зымфац, урҭ рахьынтә хәышәықәса акәац еиԥхыӡуаз, анаплакҩы Абессалом Кәарҷиа.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ахәыҷтәы ансамбль "Абжьыуаа" афестиваль "Богатство России" иалахәхоит

Аԥсуа, аубых, ашьхаруа кәашарақәа нанагӡараны иҟоуп ахәыҷтәы ансамбль "Абжьыуаа" афестиваль "Богатство России" аҟны. Жәларбжьаратәи афестиваль мҩаԥгахоит Пиатигорск ақалақь аҿы.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ҳашԥҳа Шәачатәи ашьыпылампылтә турнир иазкны: ахәыҷқәа аиааира ргәы азыбылуеит

Ахәыҷтәы ашьапылампылтә команда Аҟәатәи "Динамо" алахәуп Шәача имҩаԥысуа ахәыҷтәы-қәыԥштә турнир. Ахәмаррақәа шымҩаԥысуа атәы арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭалҳәеит Аҟәатәи "Динамо" ахәыҷқәа рҭаацәаратә аилак ахантәаҩы Гуранда Ҳашԥҳа.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Дәрыԥшьтәи ажьыргәыцқәа

Аԥсны ҭагалан ажь иаамҭаны иԥхьаӡоуп. Аԥсуа қыҭақәа рҟны иубар улшоит еиқәаҵәаҳҳараӡа иҟалахьоу ажьыргәыцқәа ишрылырхуа еилаҷҷо аҩы.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Геннади Аламиа ианашьоуп Нафи Џьусоиты ихьӡ зху Нхыҵ-Уаԥстәыла амилаҭтә премиа

Иналукааша ауаԥс поет Косҭа Хеҭогуров иажәеинраалақәа реизга "Ауаԥс ԥхьарца" (Ирон фандыр) аԥсшәахь еиҭеигеит аԥсуа поет, ауаажәларратә усзуҩ Геннади Аламиа. "Ауаԥс ԥхьарца" аԥсуа поет аԥсышәала абжьы шахеиҵаз, иширцәажәаз атәы Сырма Ашәԥҳа ланҵамҭаҿы.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Кәарацхьелиаԥҳа еиҭалҳәеит дәрыԥшьаа аӡахәа ааӡараҿы ирымоу амаӡақәа ртәы

Sputnik Аԥсны акорреспондент Сариа Кәарацхьелиаԥҳа Дәрыԥшь ақыҭан зҽаҩра ҭазгалоз анхацәа дырҭааит, ажь зҭаауаз дрыцхрааит, лџьабаа алҵшәагьы агьамагьы лбеит. Изеиԥшроузеи дәрыԥшьаа сынтәа рҽаҩра, насгьы рнапы злаку аус шрықәманшәалахо атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Кәыҵниа 2019 шықәсазтәи АҶА абиуџьет азы: итрагедиоу ҳәа акгьы збом

Жьҭаара 30 рзы Аԥсны Аминистрцәа реилазаараҿы ирыдыркылеит 2019 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет апроект. Абиуџьет инақәыршәаны Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра абиуџьет 2018 шықәса рзы 160 миллион мааҭ ишыҟаз аиԥш иаанхеит.