Мушьни Лашәриа: аԥсҭазаара уԥхьоит, ирацәоуп аутәы, аҟаҵатә, урҭ ҵҩа рымаӡам
Арҭ амшқәа рзы Аԥсны инарҭбааны иазгәарҭоит Жәлар рпоет, "Ахьӡ-Аԥша" аорден актәи аҩаӡара занашьоу Мушьни Лашәриа ииубилеи. Апоет ирҿиара, игәҭахәыцрақәа, аԥхьаҟатәи ихықәкқәа ирызкуп Сырма Ашәԥҳа иазлырхиаз анҵамҭа.