World News in Abkhazian
Декабрь
2018

Новости за 11.12.2018

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Астратегиа аҭахуп: Аҟәа иалацәажәон ауаҩытәыҩса изинқәа реилагара апроблема

Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Адунеизегьтәи адекларациа адкылара 70 шықәса ахыҵра инадҳәаланы Аҟәа имҩаԥган астол гьыжь Аԥсны аомбудсмен иофис аҿы ԥхынҷкәын 10 рзы. Ауаҩытәыҩса изинқәа рганахь ала Аԥсны ауааԥсыра проблемақәаны ирымоуи урҭ шаԥырхуеи ртәы шәаԥхьарц ишәыдаҳгалоит Sputnik аматериал аҿы.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ҭодуа атеатр ахәыҷтәы студиа ааӡамҭацәа рзы: даргьы саргьы ҳаибааӡоит

Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә акультуреи аҟазареи руниверситет аушьҭымҭа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны еиҿкаау ахәыҷтәы театралтә студиа "Нарҭ" анапхгаҩы Гәыдиса Ҭодуа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит астуиа ааӡамҭацәа рҽазыҟаҵарақәа шцо, раԥхьатәи рықәгылара анымҩаԥысуа.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Роза Чамагәуаԥҳа: уус гәыкала уаназыҟоу, иумыцааир, иумықәҿиар ҟалаӡом

Аԥсны жәлар рартист, "Ахьӡ-Аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу, авокал-инструменталтә ансамбль "Гәында" асахьаркыратә напхгаҩы Роза Чамагәуаԥҳа ҳдиаспора рахь лгәазыҳәарақәеи, Ҭырқәтәыла даныҟаз имҩаԥылгаз лусрақәеи ирызку аматериал шәаԥхьарц ишәыдаагалоит артистка лымшира аҽны.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Мушьни Лашәриа: аԥсҭазаара уԥхьоит, ирацәоуп аутәы, аҟаҵатә, урҭ ҵҩа рымаӡам

Арҭ амшқәа рзы Аԥсны инарҭбааны иазгәарҭоит Жәлар рпоет, "Ахьӡ-Аԥша" аорден актәи аҩаӡара занашьоу Мушьни Лашәриа ииубилеи. Апоет ирҿиара, игәҭахәыцрақәа, аԥхьаҟатәи ихықәкқәа ирызкуп Сырма Ашәԥҳа иазлырхиаз анҵамҭа.