World News in Abkhazian
Декабрь
2017
2
3
9
10
16
17
23
24

Новости за 15.12.2017

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ашәба: Ҭырқәтәылеи Аԥсныи инхо аԥсуаа ҳаизааигәазтәуа ашьаҿақәа ҟаҵатәуп

Сҭамҧыл имҩаҧысуа "Ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьаҿы аҧсуа-адыга хылҵшьҭрақәа реилазаара асоциал-культуратә усеицура ҧхьаҟатәи аҧеиҧш" зыхьӡу аиҧылараҿы излацәажәоз азҵаарақәа ртәы Аԥсуа ҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба иҿцәажәараҿы.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Амилаҭтә хәыцра шәыроуп

Аԥсны аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь Аҟәа зхаану аҭоурыхтә хҭысқәа, ҳәарада, ирацәоуп. Аҟәа азышаҳаҭуп иахьа уажәраанӡа жәлар рлахьынҵамҩаҿы ирыхҭысуаз, ирыгәныҩуаз, ирԥеиԥшыз зегьы. Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза Конгресс 7-тәи Аизара Ду шымҩаԥысыз дазааҭгылоит Дмитри Габелиа.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Смыр: ҿыц иргылоу аҩнқәа аимак-аиҿак рхылҿиааӡом

Афонд имҩаԥнагахьоу аусурақәа рԥышәа иаҳнарбеит ҳџьынџьуаа рзы аҩнқәа ҿыц рыргылара иаҳа ишеиӷьу, иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны астудиаҟны аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә фонд аиҳабы Џьон Смыр.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Кәтолаа ачаи хырхуеит

Кәтолтәи ачаи фабрикаҿы ииасыз амчыбжь аҩныҵҟа аусуҩцәа шә-тоннак рҟынӡа ачибӷьы ҿырххьеит. Ачаиплантациақәа рҟны аусуҩцәа шьыжь шаанӡа инаркны иаахәлаанӡа аус руеит.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Лаҭа иҭахаз Аҟәа иргәаладыршәон

1992 шықәса, ԥхынҷкәын 14 рзы ақырҭуа фашистцәа Лаҭа ақыҭан иҭадырхеит урыстәылатәи арратә мчрақәа иртәыз, агуманитартә реис мҩаԥызгоз аверталиот Ми-8.