World News in Abkhazian
Август
2018

Новости за 18.08.2018

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Сабуа: аҭагылазаашьа ҷыдаҟны ашколхәыҷқәа рхымҩаԥгашьазы амаҭәар алагалатәуп

Аҭагылазаашьа ҷыдаҿы ақәыԥшцәа ахымҩаԥгашьа рдыруама, ишԥазыҟаҵазар иахәҭоу, абри атәы адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны еиҭеиҳәеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра иаҵанакуа зышәага маҷу амшын ӷбақәа рзы аинспекциа ахада Ҭенгиз Сабуа.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аҿыхтыга, ма "адырҳәацәара": аҭацаагара иацу акәамаҵама

Жәытәла, аԥҳәызба аргама хаҵа данцоз, илышьҭаланы иаауаз аҭацаагацәа "дырҳәацәон". Уи иаанаго аҵакы ҳзеиҭалҳәеит, 50 шықәса инеиԥынкыланы аԥсуа бызшәеи алитературеи, аԥсуареи амаҭәарқәа мҩаԥызгоз, Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Валентина Гыцԥҳа.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Хәытаба: Шьамтәыла Аԥсны ахьыԥшымра аназханаҵа ашьҭахь, ҳаимадарақәа рыҽдырҭбааит

Шьамтәыла имҩаԥысуаз аруаа рыбжьара аҽыбӷаҟазаратә спорт ачемпионати, анаҩс имҩаԥгаз аиԥыларақәеи ртәы арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны абҩарҵәыреи акультуреи аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы, ачемпиаонат ахь ҳаҭыр зқәу асас ҳәа ааԥхьара змоу Баграт Хәытаба.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аҟәа, ақәыршҩы иахҟьаны ауаа аӡы рыҵалеит, рыҩнқәа аԥхасҭа анаҭеит

Ԥхынгәы 18, ашьыжь излагаз ақәыршҩы иахҟьаны амҩадуқәа Титова, Дбар, Ҷанба, Аиааира, Аҩардан, Аԥсны аминистрцәа реилазаара ахыбра азааигәара анхацәа аӡы рыҵалеит, рыҩнқәа аԥхасҭа анаҭеит.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аҵаҩы еибыҭара шаҟа ԥара агои

2018- 2019- тәи аҵарашықәсаз ашкол ахь ахәыҷқәа реидкыларазы - аҷкәынцәа рзы аҭаацәа ирызтәоит 17 650 мааҭ, аӡӷабцәа ракәзар- 17 550 мааҭ.