World News in Abkhazian
Январь
2019

Новости за 12.01.2019

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Саманба еиҭеиҳәеит аҭыԥантәи аалыҵ асертификациала аиқәыршәара зхымԥадатәиу

Асертификациа иаҳнаҭоит алшара Аԥсныҟа ԥсшьара иаауа асасцәа зҳаҭабзиара ҳараку аалыҵ рыдгалара абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны иҳәеит Асертификациеи ахархәаратәи-атехникатәи хылаԥшразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Гарри Саманба.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Зыдҵа анагӡара иахьымӡаз аԥшыхәҩы: Едуард Ажьиба игәаларшәара аҳаҭыраз

Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра ашықәсқәа рзы Атəылахьчара аминистрра иалкаау аҟəша напхгара азҭоз, арратə ҧшыхəреи аконтрҧшыхəреи рыҟəша еиҳабыс иҟаз, Аԥснытəи арбџьарымчқəа рыштаб хада аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс аус зуаз, Аԥсны Афырхаҵа Едуард Ажьиба иԥсы ҭаны дыҟазҭгьы ажьырныҳәамза 12 аҽны 65 шықәса ихыҵуазаарын.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Рауль Ҳаџьымба иныҟәара хиркәшеит

Ажьырныҳәа 10-11 рзы имҩаԥысит Аԥсны ахада Венесуелатәи ареспубликаҿы иҟазаара. Иара далахәын Венесуела ахада Николас Мадуро Каракас иҭоубашьҭаҵара.