World News in Abkhazian
Январь
2019

Новости за 24.01.2019

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Дбар: Уалид Маршьан дызнысыз афырхаҵаратә мҩа ҿарԥштәы бзиоуп ҳауаажәлар рзы

Иналукааша аԥсуа диаспора ахаҭарнак, аинрал Уалид Маршьан дызнысыз афырхаҵаратә мҩа ҿарԥштәы бзиоуп ҳауаажәлар рзы ҳәа азгәеиҭеит уи ибаҟа аартраҟны Аԥсадгьыл  ахь архынҳәразы аминистр  Беслан Дбар.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ԥсаатәҵас ажәҩан иалаз, аҳаракыра иазааигәаз Мери Аҩӡԥҳа лгәалашәаразы

Афырԥҳәыс, раԥхьатәи аԥсуа ԥырҩы Мери Аҩӡԥҳа дыргәаладыршәоит лара хаҭала дыздыруаз, Аԥсны еиҿкаау Аџьынџьтәылатә еибашьра дуи аџьеи рветеранцәа рхеилак ахантәаҩы Алеқсандр Шьониеи, акыр шықәса Ҭырқәтәыла Аԥсны ахаҭарнакс иҟаз Владимир Аҩӡбеи.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ҳаџьымба Уалид Маршьан изы: аԥсуа жәлар ргәалашәараҿы патриот дуны даанхоит

Зыхьӡ кашәара ақәым аинрал Уалид Маршьан ибаҟа Аҟәа аартра иналукааша хҭысуп Аԥсны аҭоурых аҟны, иара убас Шьамтәылеи Аԥсныи реиҩызаратә еимадарақәа рҭоурых аҟны, ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба иқәгылараҟны.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аҟәа иаадыртит аинрал Уалид Маршьан ибаҟа

Аҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь архынҳәразы аминистрраҿы имҩаҧысит иналукааша ҳџьынџьуаҩ, Шьамтәылатәи Арабтә Республика арратәи ауаажәларратәи усзуҩ, аинрал Уалид Маршьан ибаҟа аартра иазкыз аусмҩаҧгатә.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Сабуа Нелли Лакоба илызкны: асценахь ацәырҵра лара лзы ианакәызаалак иԥшьоу усын

Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр 50 шықәса инацны амаҵ азызухьаз актриса Нелли Лакоба лзы асценахь ацәырҵра  ианакәызаалак иԥшьоу усын ҳәа азгәеиҭеит  Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Роман Сабуа.