World News in Abkhazian
Июнь
2019

Новости за 29.06.2019

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Гоԥиа: асас аҳәаа данахыҵ инаркны ишахәҭоу изнеишьа иақәшәатәуп

Асасдкылареи атуризми еивыгарас ирымоузеи, иабаҟоу зхысра ҟамло ацәаҳәа – абри атемала игәаанагара иҳәеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас, аҭоурыхдырыҩ, аныҟәарақәа рымҩаԥгаҩ Денис Гоԥиа.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Нураи Ашəԥҳа: Аԥсны - сара сдунеи, саԥсыуаны сзыхшаз сыԥсадгьыл гәакьа

Ҭырқəтəыла иҟоу аԥсуа қыҭа Џьгьарда инхо Нураи Ашəԥҳа лыԥсадгьыл ахь илымоу агәыбылреи агəҭахəыцрақəеи, иара убас Ашәы Данаҟаи изку ашәақәа лаб Феҳми лареи Аԥсны ахь ирымоу агәхьаагара шыхнаҽуеи атәы шәыдылгалоит Сырма Ашәԥҳа лматериал аҟны.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Қапԥҳа: Виктор Абрамиан-Ешба иконцерт раԥхьатәиуп афилармониа азал маҷ аҿы имҩаԥааго

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аӡыргаразы аспециалист хада Арифа Қапԥҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит Виктор Абрамиан-Ешба иконцерт шышьақәгылахо. Уи мҩаԥырсаны иҟоуп рашәара 29 асааҭ 17:00 рзы.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ихатәроу ақәра: агазеҭ "Гагрский вестник" 20 шықәса ахыҵит

Рашәара 29, 1999 шықәсазы иҭыҵуа иалагеит Гагра араион Ахадареи араионтә Еизареи иаԥырҵаз агазеҭ "Гагрский вестник". Ишәыдаагалоит агазеҭ аредактор хада Цицино Ладбеи-иԥҳа Еныкьԥҳа ари аамҭа иалагӡаны аколлектив аҿаԥхьа ицәырҵуаз ауадаҩрақәеи иамоу аихьӡарақәеи ирызку лыҿцәажәара.