World News in Abkhazian
Июнь
2019

Новости за 27.06.2019

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Кәарцхьиаԥҳа еиҭалҳәеит избан Аҟәа аӡҵиаа хлорелла зҭырҵаауа

Аҟәа аексперименталтә патологиеи атерапиеи ринстутут аҿы аӡҵиаа хлорелла ааӡара иалагеит. Уи хықәкыс иамоу атәы, насгьы аҭҵаарақәа иаадырԥшуа атәы арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭалҳәеит акорреспондент Сариа Кәарацхьиаԥҳа.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аҵарауаҩ ду: абызшәадырҩы Константин Шьаҟрыл диижьҭеи 120 шықәса ҵит

Аԥсуа филологиа апатриарх, абызшәадырҩы Константин Семион-иԥа Шьаҟрыл диижьҭеи 120 шықәса ҵит. Ари арыцхә иазкны рашәарамза 27-28 рзы Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны имҩаԥысуеит жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аҟазара злоу рыԥшааразы: авокалтә еиндаҭлара "Абжьы зхоу" шымҩаԥысыз

Аҿар рыбжьара авокалтә еиндаҭлара "Абжьы зхоу" аԥхьатәи амш азы алахәылацәа аԥсышәала ашәа рҳәон. Аҩбатәи амш азы аҳәаанырцәтәи ашәақәа нарыгӡеит. Аконцерт хада мҩаԥысит рашәара 26 рзы. Еиндаҭлон 16 –ҩык алахәылацәа, 9 - 16 шықәса зхыҵуа.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ӡиӡариа: Константин Шьаҟрыл абызшәатә терминқәа - ахьыӡҟа, аҟаҵарба уҳәа дравторуп

Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор , ААУ аԥсуа бызшәа акафедра аиҳабы Оҭар Ӡиӡариа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит абызшәадырыҩ Константин Шьаҟрыл илагала атәы.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Жьиба: арратә ҵараиурҭа иалго ачҳара ӷәӷәа змоу роуп

Азеиԥштә арратә адҵаҟаҵаратә ҵараиурҭа аушьҭымҭацәа рнапаҟны ирыҭан рҵара злахдырқәшаз ала адипломқәа, дара ирыхҵан раԥхьатәи аофицартә хьӡы, абри атәы иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы аҵараиурҭа аиҳабы, амаиор Алхас Жьиба.