Жьиба: арратә ҵараиурҭа иалго ачҳара ӷәӷәа змоу роуп
Азеиԥштә арратә адҵаҟаҵаратә ҵараиурҭа аушьҭымҭацәа рнапаҟны ирыҭан рҵара злахдырқәшаз ала адипломқәа, дара ирыхҵан раԥхьатәи аофицартә хьӡы, абри атәы иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы аҵараиурҭа аиҳабы, амаиор Алхас Жьиба.