World News in Abkhazian
Март
2018
17
24

Новости за 28.03.2018

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Какоба: аԥсуа бызшәазы аԥышәара ззымҭииз Урыстәыла аҵара рҵом

Урыстәылаҟа аквотақәа заур зҭаху ашколқәа роушьҭымҭацәа рыбжьара аԥсуа бызшәазы аԥышәарақәа рылҵшәақәа арадио Sputnik аефираҟны дырзааҭгылеит Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Марыхәба: ақырҭуа ҩырақәа аҵәаӷәа рыхьшьра политикатә акциан

Аԥсны атопонимика – аҳәынҭқарра иапаспортуп, 51 шықәса ҵит аԥсуа топонимика аиҭашьақәыргыларазы аполитикатә акциа анымҩаԥысыз амш аахижьҭеи. Уи иалахәыз аҭоурыхҭҵааҩ Игор Марыхәба арадио Sputnik астудиаҿы еиҭеиҳәеит акциа аҭоурыхтә ҵакы.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ԥлиаԥҳа: Америка ишаҭаху еиԥш Урыстәыла анацәахы иахьазҭамыргьежьуа иазхгом

Урыстәыла амчра ессаира амҽхак ахьҽарҭбаауа атәым ҳәанҭқаррақәа ирызхгом лҳәеит аполитолог Далила Ԥлиаԥҳа Урыстәылатәи адипломатцәа Европа атәылақәа рҟынтәи рықәцара ахҳәаа азуа.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Кемерово иҭахаз ргәалашәара мҩаԥысит Аҟәа

Амҽыша, Кемерово ақалақь ахәаахәҭратә Центр аҿы иҟалаз амцакра иахҟьаны иҭахеит 64-ҩык ауааԥсыра. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аҿаԥхьа Аԥсны ауааԥсыраа шәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит, ахәыҷтәы хәмаргақәа наргоит.