Мрамза Ҳалбадԥҳа: арҵаҩра сҽаназызкуаз, сҭаацәа ҿырԥшыгас исыман
Жьҭаара 5 адунеи зегьы аҿы иазгәарҭоит Арҵаҩы имш ныҳәа. Арҵаҩра азанааҭ иаҵоу амаӡақәа ртәы, насгьы аҿар рааӡарҿы хадара злоу, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Валентина Ҳалбадԥҳа лыԥҳа Мрамза Ҳалбадԥҳа.