World News in Abkhazian
Октябрь
2018

Новости за 19.10.2018

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Занҭариа афильм "Перо хеттолога" азы: Арӡынба дышҭоурыхҭҵааҩыз иаҿахәҳәагоуп

Аԥсны ахада иабжьгаҩ, апублицист, апоет Владимир Занҭариа адокументалтә фильм "Перо хеттолога" аӡыргараҿы иазгәеиҭеит афильм иабзоураны Владислав Ардзынба ҭоурыхҭҵааҩк иаҳасабала дырздыруа шырацәаҩхо.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ҳаџьымба: Аԥсны "Ахьтәы ҭагалан" алахәрала атәыла аихьӡарақәа ааԥшуеит

Жьҭаарамза 19 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧснытәи ааглыхыҩцәа Жәларбжьаратәи агро-ааглыхратә цәыргақәҵа "Ахьтәы ҭагалан -2018" ралархәра еиҿызкааз ауаа идикылеит.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аблоҭиа изанааҭ иазкны: сгәалаҟара шьҭызхуа ак акәны иҟоуп афильмқәа рҭыхра

Жьҭаара 19 рзы 76 шықәса ихыҵит акинорежиссиор, асценарист, акиностудиа "Аԥсуа фильм" адиректор, Аԥсны Жәлар рартист, "Ахьӡ-аԥша" ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Виачеслав Аблоҭиа. Зфильмқәа зегьы бзиа еицырбо Виачеслав Андреи-иԥа имшира аҽны арадио Sputnik аинтервиу аиҭеит.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Арсалиаԥҳа еиҭалҳәеит Нурбеи Ловпаче ицәыргақәҵа ҷыдарас иамоу атәы

Аҟәа ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иаатуеит адыгәатәи асахьаҭхҩы Нурбеи Ловпаче иусумҭақәа рцәыргақәҵа. Уи аус аиҿкаара алыршахеит 2018 шықәса рзы Адыгәатәылеи Аԥсны акультуратә еимадараҿ ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳәа азгәалҭеит Аԥсны акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Логәуа: амилаҭқәа еихаҳаны ԥхьаҟа иргоит рҵасқәа, ҳара ҳҿы ус еиԥш иҟам

Анкьа ачарақәа шԥамҩаԥыргоз, аҭаца дышԥааргоз, еиқәырхома иахьазы аҵасқәа, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны афеир аҟны еиҭеиҳәеит ААУ аҟазара аҟәша аиҳабы, асахьаҭыхҩы Ныгәзар Логәуа.