World News in Abkhazian
Октябрь
2018

Новости за 25.10.2018

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Џьинџьиаԥҳа: абызшәа ахәыҷы иҵароуп аҩны, аҭаацәа рҿы, уаҳа ԥсыхәа ыҟам

Баграт Шьынқәба ихьӡ зху аҳҭнықалақь актәи абжьаратә школ алагарҭатә классқәа рырҵаҩы Лиудмила Џьинџьиԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны иазгәалҭеит ашкол ахь ахәыҷы абызшәа идыруа днеиларцаз, аҩнаҭаҿы иаҳалар шаку.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ԥлиаԥҳа: ажәлар еицҿакны иалырхуа аус ицура иаҳа иманшәалахоит

Аҟәа ақалакьтә еизара имҩаԥнагеит аилатәара ақалакь ахада иалхраз алшара рыҭазарц ауаапсыра рхаҭакәа, уи шьақәырӷәгәазарц ареферендум амҩаԥгарала. Адепутатцәа ирыдыркылаз ақәҵара ахҳәаа азыҟалҵеит Зураб Ачба ихьӡ зху аҵаратә центр "Ақәымчра змам адунеи "аиҳабы, ААУ аполитогиа акафедра адоцент Далила Ԥлиаԥҳа.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсреи абзареи рлакҭа иҭаԥшыз Алеқсандр Какачиа еибашьратə хҭысқəа

Жьҭаарамза 25 рзы Очамчыра ақалақь аҭарцəразы ажəылара иалахәыз, Борис Ԥачлиа игәыԥ "Дед" иалаз аибашьҩы, Леон иорден занашьоу Алеқсандр Какачиа игәалаиршәоит 25 шықәса раԥхьатәи ахҭысқәа.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ҷкотуаԥҳа: дарбанзаалак илшоит иқалақь иара изыманшәалахартә еиԥш аҟаҵара

Ԥсахшьас иамоузеи ақалақь уи анхаҩцәа рзы иманшәалахарцаз абри атәы иалацәажәон Аҟәа имҩаԥысуаз аурбанисттә форум аҿы. Архитектор Мадина Ҷкотуаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны иазгәалҭеит ауааԥсыра рнапала ақалақь аԥсахра шрылшо.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ҳашыг: агəаҕьра зцыз анҵамҭақəа адгылара риҭон Сергеи Кәыҵниа

Аԥсны АССР акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, СССР ажурналистцәа реидгыла алахәыла Сергеи Кәыҵниа 92 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит. Сергеи Михаил-иҧа Кəыҵниа иџьабаа акыр ирацəоуп аҧсуа журналистика ашьақəгылара аус аҟны, ҳәа азгәарҭеит аус ицызуаз, еиҵаиааӡаз ажурналистцәа.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аҩӡба: Приморск ҭаацәарақәак зыҩноу аҩнқәа ишеилабгара иҟоуп

Шықәсык инеиҳаны ҵуеит Приморск ақыҭан иҟаз аԥжәара ахҟьа-ԥҟьақәа рҭыԥ ақәҵара иаҿуижьҭеи, иахьагьы ихыркәшам усҟан иԥгаз аҩнқәа рыргыларазы аусурақәа. Приморск иҟоу аҭагылазаашьа атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит Бадраҟ Аҩӡба.