World News in Abkhazian
Декабрь
2018

Новости за 18.12.2018

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ашәԥҳа Тамшьтәи ашкол-интернат иазкны: насыԥ сымоуп араҟа аус ахьызуа

Аԥсны ижәытәтәиу ашколқәа ируаку Тамшьтәи ашкол-интернат ԥхынҷқәынмзазы иахыҵит 140 шықәса. Акыр шықәсқәа инеиԥынкылан уаҟа рҵаҩыс аус зуа Заира Ашәԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иазгәалҭеит иахьа Аԥсны еицырдыруа аҵарауаа жәпаҩык Тамшьтәи ашкол иаушьҭымҭацәаны ишыҟоу.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Қапԥҳа еиҭалҳәеит агәыҳалалратә фонд "Иқьиоу аус" ацхыраара зырҭо азусҭцәоу

Амамзаареи, ианаамҭоу ахәыҷқәа рыхәшәтәразы ацхыраара аҟамзаареи иахылҿиааз аус атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит агәыҳалалратә фонд "Иқьиоу аус" аинформациатә ҟәша аусзуҩ Оксана Қапԥҳа.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Кәыҵниаԥҳа еиҭалҳәеит Ашықәс ҿыц аламҭалаз Аҟәа иазгәаҭоу аныҳәатә усхкқәа ртәы

Аҳҭнықалақь аҿы Ашықәс ҿыц аламҭалаз ахәыҷқәа рзы иазгәаҭоу аныҳәатә программа атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит Аҟәа аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аилак ахаҭарнак Есма Кәыҵниаԥҳа.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Валери Аршба еиҭеиҳәеит Аԥсны ашьапылампыл шышьақәгылаз

1908 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Аԥсны еиҿкаан астудентцәа рыла ишьақәгылаз раԥхьатәи ашьапылампылтә команда, уи шыҟалаз аҭоурых атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны аолимпиатә комитет аиҳабы Валери Аршба.