World News in Abkhazian
Апрель
2018

Новости за 03.04.2018

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Кәарҷиа: шәҩыла аҟазацәа ахьықәгылаз ҳара аԥхьахәқәа аагеит

Шәача имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи афестиваль - аконкурс "Маскарад искусств" иалахәын Апснынтә ашәаҳәаҩцәеи ахореографиатә гәыԥ "Кәыдри". Урҭ аицлабраҿы рхы аарԥшра шрылшаз арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭаиҳәеит Жәлар рҟазара ацентр аиҳабы Нури Кәарҷиа.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Логәуа: ачынуаа рхашәалақәеи рхарџьқәеи рзы адекларациа ҟарҵалароуп

Аԥсны Жәлар Реизараҟны акоррупциа иаҿагыло ООН Аконвенциа ахәҭаҷ 20 алацәажәара шымҩаԥысуа далацәажәеит радио Sputnik аҟны Жәлар Реизара жәларбжьаратәи, апарламентбжьаратәи еимадарақәеи аџьынџьуаа рымадареи рзы Аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Логәуа.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Џьынџьиа ауҭраҭых зааӡо раалыҵ аҳәаа ахыгара иазкны

Амармалташьтә пты ақыҭанхамҩа ианаҭаз ааха амҽхак еиҳамхарц, имариам аҭагылазаашьа алҵразы ирыдыркыло ауснагӡатәқәа арадио Sputnik аҟны дазааҭгылеит аҵиаақәа ркарантин азы аҳәынҭқарратә инспекциа аиҳабы Аркади Џьынџьиа.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аб Никита: Ҳазшаз имчала раԥхьаӡа акәны иԥшьоу адгьыл сшьапы нықәсыргылеит

Аԥснынтәи 40-ҩык рҟынӡа анцәахаҵаҩцәа Иерусалим иҟоуп, амшаԥ ныҳәаз Аҟәаҟа Амца ԥшьа аҟәырҷаха ааргарцаз. Анцәахаҵаҩцәа рныҟәара атәы Иерусалимынтәи ҭелла арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭаиҳәеит Аб Никита.