World News in Abkhazian
Апрель
2018

Новости за 22.04.2018

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Гындиа аԥсшьаҩы ишәарҭадара иазкны: зегьы ҳусбарҭа иадҵаалар ауп

Аԥсшьаҩы аҳәаа данахыҵуа нахыс идыруазароуп ишәарҭадара иаҵанакуа аԥҟаррақәа иҳәеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас аҭагалызаашьа ҷыдақәа рзы аусбарҭа ахада ихаҭыԥуаҩ Саҭбеи Гындиа.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Кәыҵниаԥҳа "Абиблиоҵхы" иазкны: инеиуа агәҿыӷь даҳаркуам

Мшаԥы 23 Иван Ԥапасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаԥысуеит "Абиблиоҵхы"ҳәа хьӡыс измоу афестиваль. Уи ахықәкы хада ауааԥсыра ашәҟәыԥхьара радыԥхьалара, абзиабара дыркра ауп лҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны абиблиотека аусзуҩ Хаҭуна Кәыҵиниаԥҳа.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ахьаа зыртәо ԥшьнашанатә цәаҳәак

Зычҳара уадаҩу акәны иԥхьаӡоуп абылра ахьаа. Уи амедицинатә цхыраарада аиқәыртәара уадаҩуп. Аха иҟазаап, ԥшьнашанатә цәаҳәак, минуҭқәак ирылагӡаны ахьаа цәгьа зыртәо. Уи абылра аҭәҳәа ауп. 35 шықәса ҵуеит, Лиудмила Алшәындԥҳа абылра иацу ахьаа аҭәҳәала еиқәзыртәоижьҭеи. Уи аҭәҳәа шылҵаз, насгьы иамоу амч атәы Саида Жиԥҳа лматериал аҿы.