World News in Abkhazian
Апрель
2018

Новости за 24.04.2018

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Бераиа: аспорт аҟны аиндаҭлара ыҟазароуп еснагь

Ҟрымтәи ареспублика Алушҭа ақалақь аҟны Аиааира ду аҳаҭыр азы зых иақәиҭу аиқәԥаразы аицлабрақәа мҩаԥысит. Аԥснытәи аспортсменцәа хәыҷқәа иааныркылеит актәи аҭыԥқәа быжьба, аҩбатәи ԥшьба, ахԥатәи аҭыԥқәа ҩба. Зхы иақәиҭу аиқәԥаразы азыҟаҵаҩ Игор Бераиа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит Ҟрымтәи ареспубликаҟны аԥсуа спортсменцәа қәыԥшцәа шықәгылаз.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Амармалташь пты иаҿагыланы ақәԥара азҵаарақәа рзы аилацәажәара мҩаԥган

Амармалташь пты иаҿагыланы ақәԥара азҵаарақәа ркоординациазы имҩаԥгаз аилацәажәара иалахәын: Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Роман Шьоуа, Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы Урыстәыла аминистр ихаҭыԥуаҩ Игор Кошин, Аԥсни Урыстәылеи рқыҭанхамҩа аминистррақәа рнапхгаҩцәа. Аилацәажәара мҩаԥысит Аҟәа, мшаԥы 24 рзы.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Какоба: аицлабра "Нарҭаа" аҵакы дууп аҵаҩцәа рзы

Аԥсуа школхәыҷқәа рыбжьара Аҟәа имҩаԥысит раԥхьатәи ареспубликатә афольклортә еицлабра "Нарҭаа". Уи еиҿыркааит Жәларбжьаратәи аԥсуа-абаза хеидкыла "Алашареи" Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра. Аицлабра "Нарҭаа" ашколхәыҷқәа рзы аҵакы ӷәӷәоуп ҳәа азгәеиҭеит аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгур Какоба.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Арӡынба: Ҟрыми Аԥсни русеицура еиҵыххоит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистрра аделегациа алахәын 2018 шықәса мшаԥы 19-20 рзы имҩаԥысуа IV Иалтатәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум аусура.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Афестиваль "Абиблиоҵхы" Аҟәа имҩаԥган

Афестиваль "Абиблиоҵхы" азырхоуп ауааԥсыра ашәҟәы радыԥхьалара. Ҩынтәуп имҩаԥысуеижьҭеи Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿ.