Ахәыҷқәа рзы ажәабжьқәа "Амши аҵхи" ӡырган Аҟәа
ООН ахәыҷтәы фонди (ИуНИСЕФ) Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрреи ажурнал "Алашареи" аԥсуа бызшәа аларҵәара хықәкыс иҟаҵаны имҩаԥыргеит ахәыҷқәа рзы ажәабжьқәа рконкурс "Алашарбага".
ООН ахәыҷтәы фонди (ИуНИСЕФ) Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрреи ажурнал "Алашареи" аԥсуа бызшәа аларҵәара хықәкыс иҟаҵаны имҩаԥыргеит ахәыҷқәа рзы ажәабжьқәа рконкурс "Алашарбага".
Европатәи авалиута 80 мааҭ иахысит, адоллар акәзар, 65 мааҭ инаӡеит. Ари зыдҳәало Еиду Америкатәи Аштатқәа Урыстәыла аганахь ала иаднакылаз асанкциа ҿыцқәа роуп.
АҶА имҩаԥнагоз аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын амцарцәагатәи ацхыраара ласыи рмашьынақәа. "Амца" иамҽхакны иаман 45 метр ԥшьыркца.
"М. Горки Аԥснытәи ианҵамҭақәа" афильм аҿы еиҭаҳәоуп ашәҟәыҩҩы Аԥсны даныҟаз атәы зҳәо аҭоурыхтә хҭысқәа. Абри атәы лҳәеит афильм автор, Лиана Ебжьноу, арадио Sputnik Аԥсны иалҭаз аинтервиу аҿы.
Иулиа Скрипаль Солсбери ахәышәтәырҭа данылырҩаа ашьҭахь арратә база агоспиталь ахь днаргеит.
Аԥсны афымцамчтә система аиҭашьақәыргылараз аинвестициақәа радыԥхьалара алшоит ииасыз ашықәс азы ирыдыркылаз "Афымцамчаз" азакәан ԥсаххар, иҳәеит атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Аԥсны Жәлар Реизара аилак ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Ахра Абыхәба.
Аԥсуа поет, асатирик Кьыршьал Чачхалиа диижьҭеи 100-шықәса аҵра иазку ауснагӡатәқәа реиҿкааразы, аилацәажәаратә еилакы аилатәара мҩаԥган Аԥсны ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа ихантәаҩрала.
Хабаровск аверталиот МИ-8 каҳаит, иҭахеит фҩык ауааԥсыра.
Аҩаша, мшаԥы 10 рзы атәыла Ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа ихантәаҩрала имҩаԥысит Кьыршьал Чачхалиа диижьҭеи 100-шықәса аҵра иазку ауснагӡатәқәа реиҿкааразы аилацәажәаратә еилакы аилатәара.
Москва имҩаԥысит Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы аҳәынҭқарратә институт аԥсуа астудентцәеи А`ԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иаԥҵоу адипломатцәа ҿарацәа рхеилак ахаҭарнакцәеи реиԥылара. Абри атәы арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит ахеилак ахантәаҩы аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Инар Ладариа.
Асҭамыр Џьопуа иганахь ала ахарадҵара шьақәирӷәӷәеит Аԥсны апрокурор хада ихаҭыԥуаҩ. Аус нашьҭуп 2018 шықәса хәажәкырамзазы Аҟәа араион аӡбарҭахь.
Арадио Sputnik Аԥсны апроект "Агәалашәара амҩала" аҟны ишәыдаагалоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ахроника.
Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба аҳәамҭа ҟаиҵеит аԥсуа бызшәазы аԥышәара ззымҭииз 2018 шықәса рзы лимитла Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҭаларахь инарышьҭуам ҳәа.
Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба аҳәамҭа ҟаиҵеит аԥсуа бызшәазы аԥышәара ззымҭииз 2018 шықәса рзы лимитла Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҭаларахь инарышьҭуам ҳәа.