World News in Abkhazian
Июнь
2018

Новости за 03.06.2018

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Габуниа: Аԥсны азхаҵаразы ҳауаажәлар зегьы аус руроуп

Аԥсны ахьԥшымра анаҩстәи азхаҵаразы дарбанзаалакгьы аус иулароуп ҳәа азгәеиҭеит Sputnik аефир аҟны азиндырҩы, Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра адипломатиатә академиа аспирант Гьаргь Габуниа.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Санӡааԥҳа Ҭырқәтәыла аԥсшәа арҵаратә курсқәа ирызкны: иаанзыжьыз маҷуп

Ҭырқәтәыла аԥсуа бызшәа дырҵаразы акурсқәа даҽа ҩымз ирыцҵоуп, абри атәы лҳәеит арадио Sputnik Аԥсны амҩаԥгаҩ Сусанна Саӡԥҳа ҭелла дзыҿцәажәаз ҳџьынџьуаа рхатәы бызшәазы дзырҵо Дали Санӡааԥҳа.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Кәыҵниаԥҳа: аԥхын аҿар аамҭа ахьырхырго аҭыԥқәа рацәам, аха ҳҽазаҳшәоит

Аԥхынтәи аԥсшьарамшқәа ирылагӡаны ахәыҷқәа рзы аҳҭнықалақь аҿы еиҿкаахо аусмҩаԥгатәқәеи, урҭ рхы зларкша аусхкқәеи арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит Аҟәа аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аилак ахаҭарнак Есма Кәыҵниаԥҳа.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ӡынгьы ԥхынгьы аԥсабара зыршәҭуа

Зхәыҷра аахыс аԥсабара бзиа избо, ашәаԥыџьаԥ алакә еиԥшызтәуа, Ҭырқәтәыла, Сақариа араион иатәу Балбалы (Калдахәара) ақыҭан инхо Аисель Жьиԥҳа аԥхьахә даԥсахеит, аҭыԥантәи анапхагара "иреиӷьу ашҭа" ҳәа ирыланаҳәаз аконкурс аҟны.