World News in Abkhazian
Июнь
2018

Новости за 22.06.2018

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Вартагаа америкатәи аԥарԥалыкь иазкны: макьана ишәарҭам

Аԥсны араионқәа џьара-џьара ицәырҵыз акаҭа ҟазҵо америкатәи аԥарԥалыкь иацу ашәарҭареи, аҵиаақәа ирынаҭо аԥхасҭеи ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит акарантинтә ҵиаақәа рзы аҳәынҭқарратә инспекциа аспециалист хада Анзор Вартагаа.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аҳаҷашь, аҭацамҳара: аԥсуаа рынхашьеи рысасдкылашьеи акәамаҵамақәа

XIX-тәи ашәышықәсазтәи аԥсуа инхашьа ҳазааҭгылозар, усҟантәи аамҭақәа рзы аԥсуа изгылан х-ҩнык: аҭаацәа – ахаҵеи аԥхәыси рыхшареи рыҩны, хазы асас изы идыргылоз аҩны – "аҳаҷашь" зыхьӡаз, нас амҳара, ма аҭацамҳара ҳәа изышьҭаз аҩны.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Нанба: иахьа уажәраанӡа Аибашьра Ду иалаӡыз аԥсуаа рыԥшаара ҳаҿуп

Иунь 22, 1941 шықәса рзы, ашамҭазы, афишистә Германиа Асовет Еидгыла иақәлеит. Арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны Апсны Аџьынџьтәылатәи Еибашьра Ду аветеранцәа рреспубликатә хеилак аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Закан Нанба еиҭеҳәеит иахьазы ахеилак имҩаԥнаго аусура атәы.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Чамагәуаԥҳа: сыхшыҩ, сымч ақәхартә иҟоуп сус, уи азы бзиа ибаны саҿуп

52 шықәса инеиԥынкыланы акьыԥхь аҿы аус зухьоу, занааҭла ифизику, Фируза Расим-иԥҳа Чамагәуаԥҳа, иахьагьы ааԥсарак ҟамҵакәа бзиа илбо аус лнапы алакуп. Лара гәыблыла илгәалалыршәоит зыхьӡ нагаз ажурналистцәа рыӡбахә, урҭ ирҿылҵааз акырӡа ишырацәоу, лус лгәы шазыбылуа.