World News in Abkhazian
Июнь
2018

Новости за 14.06.2018

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Дасаниа: аблогерцәа- мчы ӷәӷәоуп

Кавказ аԥхьагылара змоу аблогерцәа иреиуоу аҭоурыхдырҩы, ажурналист Давид Дасаниа Sputnik аефир аҟны иазгәеиҭеит амассатә информациатә хархәагақәа рыбжьара аблогерцәа рҵакы иаҳа-иаҳа ишыӷәӷәахо. Рашәара 14 рзы аблоггерцәа Жәларбжьаратәи рымш ҳәа иԥхьаӡоуп.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Габниа арежиссиор Говорухин изкны: ибзоурала каскадиорс сҟалеит

Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Сергеи Габниа Sputnik аефир аҟны игәалаиршәеит Станислав Говорухин Аԥсны иҭихыз афильм "Робинзон Крузо" аҟны раԥхьаӡа акәны каскадиорс ихы шааирԥшыз. Урыстәыла Жәлар рартист, арежиссиор, асценарист Станислав Говорухин аԥшьашаҽны идунеи иԥсахит.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Кобешавиӡе: Аԥсны адонорцәа рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа еиҵахоит

Адонор адунезегьтәи имш аҽны Аҟәатәи Ареспубликатә хәышәтәырҭа ашьа адкыларҭа аҟәша аиҳабы Светлана Кобешавиӡе Sputnik аинтервиу аҭо еиҭалҳәеит иахьазы Аԥсны аҩныҵҟа адонарра аҭагылазаашьа шыҟоу.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аҳҭнықалақь апаркқәа рыриаҵәара апроект аус адулара мҩаԥысуеит

Аԥыза-министр Геннади Гагәылиа Аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы Аҳәынҭқарратә еилаки Аботаника аинститути адҵа риҭеит рашәара 30 рҟынӡа иаздырхиарц ареспубликатә трассеи аҳҭнықалақь апаркқәеи рыриаҵәара апроект.