World News in Abkhazian
Июнь
2018

Новости за 29.06.2018

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Сангәылиа: исцәыцәгьоу схатәы бызшәа зегьы ирҵалар сҭахуп

Аҟәатәи ажәабатәи Ашьхаруаа рышкол аушьҭымҭа, аԥсшәада апышәарақәа зегьы хәба ҳәа иазҭаз Алиас Сангәылиа арадио Sputnik амҩаԥгаҩ Алхас Манаргиа даниацәажәоз иазгәеиҭеит амаҭәарқәа зегьы аԥхьаҟа ԥсышәала ирҵалар шиҭаху.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Занҭариаԥҳа амҵәышәымпыл азы Аԥсны еизгоу акоманда Иорданиаҟа рцара иазкны

Амҵәышәымпыл азы Аԥсны еизгоу акоманда Иорданиа иҟан, урҭ рцара шыҟалаз, уа инхо Ачеркесстә диаспореи дареи реиԥылара шыҟалаз атәы, арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит абаҩарҵәыреи аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахаҭарнак Жанна Занҭариаԥҳа.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Лазба: алашаразы аԥара аныумшәа ицәароуп, уаҳа ԥсыхәа ыҟам

Аекономика аминистрраҿы имҩаԥган афымцамч азы акомиссиа аилатәара афымца ахә ахызамшәаауа рызҵаарала. Аилатәараҿы излацәажәаз, насгьы, иҟаҵатәузеи ауааԥсыра рхы иадырхәо афымцамч азы аԥара ршәаларцаз, абари атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" афилиал "Афымцаҭира" аиҳабы Инал Лазба.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Атәыла Ахада аилацәажәара мҩаԥигеит

Рашәарамза 28 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа алархәны аилацәажәара мҩаҧигеит.