World News in Abkhazian
Ноябрь
2018

Новости за 03.11.2018

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ҷолокәуа: сиак ыҟазароуп, ауацәа аусеицура азин ахьрымам аҭыԥқәа ҳәа

Ажурналист, ауаажәларратә усзуҩ Алхас Ҷолокәуа адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны игәаанагараа иҳәеит аԥсҭазаараҟны ицәырҵуа уала-ҭахылатәи азҵаатәқәа раԥырҟәҟәааразы аҭыӡшәақәа реидыслара иазку азакәан адкылра аҭаху, иаҭахыму иазкны.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Кәыџԥҳа аинтеллектуалтә хәмаррақәа рзы: ирыдҵаало есышықәса рхыԥхьаӡара иацлоит

Аинтеллектуалтә хәмаррақәа рзы Аԥсны аабатәи ачемпионат аиҿкааҩцәа иреиуоу Дана Кәыџԥҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит ари аусмҩаԥгатә иамоу азҿлымҳара есааира ишазҳауа.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Какалиа: азанааҭ амшала аусураҟны згәабзиара ааха азҭаз рыԥсшьара ҳазхәыцуеит

Аԥсны асоциалтә ԥгаԥсеи аџьа ахьчареи рфонд ахантәаҩы, аџьеи асоциалтә еиқәыршәареи рминистр ихаҭыԥуаҩ Амиран Какалиа арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит аусураҟны згәабзиара аганахьала ааха зауз ауаа аԥсшьара рзеиҿкаара ишазхәыцуа.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аҩӡба еиҭеиҳәеит ақыҭа аҿиара иадҳәалоу апроект ҿыц аӡыргара шымҩаԥысыз

Евроеидгылеи ООН аҿиара апрограммеи еицырзеиԥшу ақыҭа аҿиара иазырхоу апроект ӡырыргон Аҟәа, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба.