World News in Abkhazian
Ноябрь
2018

Новости за 29.11.2018

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Қацәба: Липецктәи асахьаҭыхратә школ аусзуҩцәеи ҳареи ҳаимадара иаҳнаҭо рацәоуп

Липецктәи асахьаҭыхратә школ ацәыргақәҵатә зал аҿы иаатит ахәыҷтәы студиа "Аинар" аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи русумҭақәа рцәыргақәҵа, абри атәы иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аинтервиу азҭаз асахьаҭыхыҩ, ахәыҷтәы арҿиаратә ҩны "Аинар" аиҳабы Витали Қацәба.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аҟәа имҩаԥгахоит хәыда-ԥсадатәи адиагностика агепатити ВИЧ-инфекциеи ргәаҭаразы

Аҟәатәи ацентр "СПИД" ԥхынҷкәын 1, СПИД иаҿагылан ақәԥара амш иазкны Ареспубликатә диспансери СПИД Ацентри еицымҩаԥыргараны иҟоуп хәыда-ԥсадатәи аекспресс-диагностика агепатитқәа В, С. ВИЧ-инфекциа ргәаҭаразы акциа.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Акаԥҳа: Ауаажәларратә палата алахәылацәа реиҳараҩык ахадацәа ралхра иадгылоит

Аԥсны Ауаажәларратә палата алахәылацәа реилатәара мҩаԥысит ахаша, абҵара 28 рзы. Аилатәараҿы иалацәажәеит Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатцәа раԥшьгара – ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа ралхразы ареферендум амҩаԥгара.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Рыдуан Агрба: Кəачара ахақəиҭтəразы ҳҿаҧхьа иқəгылаз адҵа нагӡан

Мрагыларатəи афронт аҿы абҵарамза анҵəамҭазы Кəачара ахақəиҭтəразы имҩаԥысуаз ажəылара иалахəыз, Леон иорден занашьоу Ҭырқəтəылантəи зыԥсадгьыл ахьчара иааз аибашьҩы Рыдуан Агрба игəалашəарақəа.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсуа культура афестиваль мҩаԥысит Краснодар

Краснодар имҩаԥысыз аԥсуа культура афестиваль апрограммаҿ иҟан амилаҭтә кәашарақәа, аԥсуа чыс аӡыргара, зметраж кьаҿу афильм арбара, аԥсуа фотоҭыхыҩцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа.