World News in Abkhazian
Ноябрь
2018

Новости за 08.11.2018

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Кәарцхьиаԥҳа еиҭалҳәеит Ҳаџьараҭ Ҭарсман иусеилыргара иазкыз аилатәара шцоз

Аԥсны аԥыза-министр Геннади Гагәылиа амҩатә машәыр аан иҭахара зыхҟьаз ҳәа иаанкылоу амашьынарныҟәцаҩ Ҳаџьараҭ Ҭарсман иусеилыргара иазкыз аилатәара аԥшьашаҽны ишымҩаԥысыз еиҭалҳәеит Sputnik акорреспондент Сариа Кәарцхьиаԥҳа.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Илеишәа џьбаран, аха бзиа даҳбон: Гагратәи алицеи Алықьса Кәанџьариа ихьӡ ахҵоуп

Ганҭиадитәи ашкол-интернат №1 ҳәа ианыҟаз 37 шықәса директорс иахагылаз Алықьса Мсас-иԥа Кәанџьариа аамҭала аус ицызуази, иоушьҭымҭацәа гәыԥҩыуааки Гагра араионтә Еизара адепутатцәеи араион Ахадареи рахь иҟарҵаз аҳәара иахаҵгылан, иахьа, абҵара 8 рзы ари аҵараиурҭа, уажәы Гагратәи алицеи-интернат ҳәа иҟоу, ихьӡ ахырҵеит.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Шьаҟрылԥҳа: аԥыза-министр иҭахараантәи амашәыр иалахәыз ахара идҵара заацәоуп

Ҳаџьараҭ Ҭарсман даанкылан цәыббра 11 рзы, амҩатә машәыр иадҳәаланы. Амҩатә машәыр аан дҭахеит Аԥсны аԥыза-министр Геннади Гагәылиа. Аԥшьаша, абҵара 8 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аҽа мызки 15 мши Ҭарсман ирбаандаҩра аҿҳәара иацнаҵеит.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Саманба: ауаҩы дышгәарҭо анеиликаалак, иус иаҳа ҭакԥхықәрала дазнеиуеит

Асертификациеи ахархәаратәи-атехникатәи хылаԥшразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Гарри Саманба адунеизегьтәи ахаҭабзиара амш аҽны арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит русбарҭа ҳтәылаҿы агәаҭарақәа шымҩаԥнаго атәы.

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Цкуа КВН иазкны: иахьагьы асцена саақәгыландаз ҳәа агәаҳәара сымоуп

Жьҭаара 8, КВН жәларбжьаратәи амш аҽны, Аԥсны Аҿартә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, КВН аԥсуа премиер-лига апродиуссер Михаил Цкуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иазгәеиҭеит КВН иунаҭо алашарақәа шмаҷым.